Аԥсны

Бжьаниа апандемиа иалагазар акоронавирус иақәырӡу аԥара атәы иҳәеит

Ԥхынҷкәын 29 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 2021 шықәса аихшьалатә пресс-конференциа мҩаԥигоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит апандемиа иалагазар акоронавирус ишақәхарџьу 900 миллион мааҭ аԥара.
Аԥсны
Алаҵа "Спутник Лайт" даҽа партиак Аԥсныҟа иааргеит
Иара иажәақәа рыла, арҭ аԥарақәа рыхҭынҵан ахәшәқәа, аныхратә материалқәа, атехника, алабораториақәа реиқәыршәара.
Бжьаниа иҳәеит ари апроблема актуалра ду шамоу.

"Ҳмедицинатә усзуҩцәа ҭабуп ҳәа расҳәоит рџьабааз. Иазгәасҭар сҭахуп ауаа реиҳараҩык аԥкрақәа ишрықәныҟәо, аха ишыҟоу уи иазхьамԥшуа. Ари аепидемиатә ҭагылазаашьа аруадаҩуеит. Даргьы уаауп, иааԥсоит", - иҳәеит атәыла ахада.

Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 37 690-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 30 067-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 555-ҩык.