АҞӘА, ԥхынҷкәын 29– Sputnik. COVID-19 азы атестқәа арҭеит 402-а Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 94-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит, ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 85 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи 70 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 75-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 34-ҩык, ибжьаратәуп - 71-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 38-ҩык, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 12-ҩык, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - ааҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 18-ҩык ачымазцәа шьҭоуп.