Путин Аҳәынҭдумахь инаишьҭит урыстәылатәи атәылауаҩразы азакәан апроект

Азакәан апроект урыстәылатәи атәылауаҩра аԥыхра аинститутгьы азыԥхьагәанаҭоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аҳәынҭдумахь инаишьҭит урыстәылатәи атәылауаҩразы азакәан апроект. Апроект атекст кьыԥхьуп Апарламент аладатәи апалата адыррақәа релектронтә базаҿ.
"Ари афедералтә закәан иҳәаақәнаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра аусхк аҟны аизыҟазаашьақәа, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра аиуреи мап ацәкреи рзы аҭагылазаашьақәагьы, аҵаҵӷәқәагьы налаҵаны", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Аԥсны Аиқәшаҳаҭра азнархиеит еиҳа ирмарианы Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы
Азакәан апроект ҿыц атәылауаҩра заур зылшо 20 хаҿытә категориа цҵа аҵанакуеит ирмариоу аформала:
Аицџьынџьуаа (СССР атәылауаа, урҭ рыхшара, хатәгәаԥхарала нхара аиасраз апрограмма алахәылацәа);
Урыстәыла зыуацәеи згәакьацәеи нхо;
Урыстәылатәи аимпериа ма СССР (Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаақәа иахьрыҵаркуа) иааиԥмырҟьаӡакәа инхоз рыхшара.
Абри адагьы адокумент аԥҟарақәа инарықәыршәаны атәыла ахада урыстәылатәи атәылауаҩра аиура хылаԥшра аиҭоит. Иара убасгьы арахь иаҵанакуеит:
СССР уаанӡатәи атәылақәа ртәылауаҩра змаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа;
Урыстәыла аҿаԥхьа алшамҭа дуқәа змоу;
Урыстәыла ирҭаху азанааҭи аҟазареи злоу.
Азакәан апроект урыстәылатәи атәылауаҩра аанкылара аинститутгьы азԥхьагәанаҭоит. Ирҭбаауп атәылауаҩшәҟә ацәыӡра алзыршо аҭагылазаашьақәа.