Аԥсны

Аҟәа ашықәс ҿыц ауха аныҳәатә феиерверк ҟалоит

Аԥсны ԥхынҷкәын 31 официалла ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Ҳазҭало Ашықәс ҿыц аҳаҭыраз ажьырныҳәа 1 асааҭ 01:00 рзы Аҟәа аныҳәатә феиерверк ҟалоит. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь Ахадара асаит.

Афеиерверк Ахақәиҭра ашҭаҟнытә ихаларҵоит, ақалақь акәақьқәа зегь рҟнытә иубарҭахоит.

Ашықәс ҿыц ауха, ԥхынҷкәын 31 рзы, ауаажәларратә транспорт хкқәа зегьы аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы еиԥҟьарада, хәыда-ԥсада иныҟәалоит.
Аԥсны ԥхынҷкәын 31 ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
2022 шықәса ажьырныҳәамзазы иԥсшьарамшны ишьақәыргылоуп: 1-10, 14-16 арыцхәқәа.
Аԥсны
Ашықәс ҿыц ауха Аҟәа ауаажәларратә транспорт хәыда-ԥсада иныҟәалоит