Аԥсны

Аԥсны ахада Волгоград ақалақь амедусзуҩцәеи ахәыҷ-хымхәацәеи амандарина рзиҭиит

Х-нызқь кьыла амандаринеи алимони рыла ирҭәны, ахәыҷ-хымхәацәа зааӡо 250 ҭаацәара рыхьӡала Волгоградҟа амҩа иқәлеит аидарамҩангага машьына Аԥсны ахада иҟынтә.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Волгоград ақалақь аковид-центрқәа рҟны иҟоу амедусзуҩцәеи ахәыҷ-хымхәацәеи амандарина рзиҭиит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит ахада ипресс-маҵзураҿы.
Акциа мҩаԥган аԥсуа-аурыс ныҳәатә акциа "Аҵаа Бабаду" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥснытәи аҳамҭақәа роуеит ашықәс ҿыц азы ахәыҷ-хымхәақәа змоу 250 ҭаацәара Волгоград, Волжтәи, Михаиловка, Камышин уҳәа рҟны.
Аԥсны ахада Волгоград амедусзуҩцәагьы дрыдныҳәалоит. Ацитрус шәырқәа нашьҭуп асоциалтә хьчара аусҳәарҭақәа хәба рахьи аковид госпиталь ареанимациатә ҟәша аусзуҩцәа рахьи.