Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵнариа ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" иазкны

Аҟәатәи ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" ахада Геннади Ҵнариа арадио Sputnik аефир аҟны еихишьалеит Аԥсны ачемпионат амҩаԥысшьа, аклуб ахәмарыҩцәа иаадырԥшыз алҵшәақәа.
Sputnik
2021 шықәсазы ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионхеит аҟәатәи "Нарҭ".
Иааиуа ашықәс азы ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" 25 шықәса ахыҵуеит. Аклуб ахәмарҩцәа арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны 14-нтә Аԥсны иачемпионхахьеит, аҵыхәтәантәи ԥшьышықәса еиқәырццакны аԥхьахә агара рылшеит.
Аицәажәара шәазыӡырҩы аудиофаил аҟны