АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik. Акоронавирус омикрон-штамм аҟынтә аԥсыҭбара 75% еиҵоуп егьырҭ COVID-19 хкқәа раасҭа. Абри атәы аҩуеит The Telegraph Алада Африкеи Амилаҭтә институт аҭҵааҩцәеи Преториа ауниверситет аҟынтәи рколлегацәеи рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аҭҵаарақәа мҩаԥыргон аштамм раԥхьаӡа акәны иахьцәырҵыз апровинциа Гаутенг ақалақь Цване ахәшәтәырҭаҿ ишьҭаз ачымазцәа рыгәҭа.
Аҵарауаа иазгәарҭеит "омикрон" иахҟьаны иԥсыз 4,5% роуп ҳәа, убри аан уаанӡатәи коронавирустә хҭысқәа раан аԥсыҭбарақәа наӡон 21,3%.
Иара убасгьы, ишьақәыргылан ачымазцәа рыбжаҩык шракәыз аҵәыҵәри зҭаххоз. Егьырҭ аштаммқәа раан аҵәыҵәри зҭахыз 99,5 процент ракәын. Аинтенсивтә терапиа зҭахызгьы 1% ракәхеит, уаанӡатәи 4,3% иаҿырԥшны.
"Омикрон" иадҳәаланы ахәшәтәырҭа иҭашәаз бжьаратәла ԥшьымш рышьҭахь илырҩаауеит, уаанӡатәи аҭагылазаашьаан - 8,8.