Аԥсны

Путин Бжьаниа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит

Аԥсны ԥхынҷкәын 31 официалла ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа иааиуа ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.

"Гәыкала ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи. 2021 шықәсазы аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа акыр хра рыманы, аиҩызареи апартниорреи рыпринцип иқәныҟәаны аҿиара аиуааит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Владимир Путин агәыӷра ааирԥшит аԥхьаҟагьы Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ринтересқәа ирықәшәо, Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ҩ-ганктәи русеицурақәа еиҳагьы иӷәӷәахап ҳәа.
Аԥсны ԥхынҷкәын 31 ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
2022 шықәса ажьырныҳәамзазы иԥсшьарамшны ишьақәыргылоуп: 1-10, 14-16 арыцхәқәа.