АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. "КОВИД-глобулин" аԥҵоуп ачымазара зхызгаз ршьа аплазма иалхны. Аклиникатә ԥышәарақәа ирхысны аҭышәныртәалаҩ идгалоуп. Абри атәы аанацҳауеит "Ростех" апресс-маҵзура.
"Аҳәынҭкорпорациа "Ростех" ахолдинг "Нацимбио" аклиникатә ҭҵаарақәа рышьҭахь ишьақәнарӷәӷәеит ахәшә иамоу алшара бзиа акоронавирус аиааираҿы. "КОВИД-глобулин" аҭҵаарақәа рышьҭахь иаиуит аминистрра аҭаҩратә гәраргага", - ҳәа азгәаҭоуп арелиз аҿы.
Ишьақәырӷәӷәоуп ахәшә ацәеижь ишацхраауа ачымазара хьанҭамхарц азы.
"Ахәшә "КОВИД-глобулина" аилазаараҿы иҟоуп акоронавирустә инфекциа COVID-19 ахь ацәеижьҿагылақәа", - ҳәа иҳәеит "Нацимбио" анапхгаҩы Андреи Загорски.
Аиҳарак ахәшә ахы бзианы иаанарԥшуеит заа ахархәараан.
Уи адагьы атерапиа амҩаԥгараан 70% хҭыс рҟны ацәцара рылшоит ацитокинотә жәылара, аҷаҷахьаа, атромбоз, ареспиратортә дистресс-синдром, арыԥҳақәа рымҽхакра, аклиникатә симптоматика аицәахара.