Аԥсны

700-ҩык ахәыҷқәа аԥсаӡ аԥхьа еиҿкаау акрыфарҭа маҷқәа рахь акупонқәа рыҭоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. 700-ҩык ахәыҷқәа аԥсаӡ аԥхьа еиҿкаау акрыфарҭа маҷқәа рахь акупонқәа рыҭоуп. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Иазгәаҭоуп, акупонқәа шрыҭоу ахшара рацәа змоуи (ԥшьҩыки инареиҳани), ихәыҷаахыс ихымхәоу, 16 шықәса еиҳами, акәырҷыжьқәа рыла иныҟәо ахымхәацәа.
Аԥсны
Аҟәа ашықәс ҿыц ауха аныҳәатә феиерверк ҟалоит
Аҟәа ахадара аекономҿиара аҟәша аиҳабы Денис Кәарҷиа иажәақәа рыла, агәыҳалалразы анаплакҩцәа есышықәса акупонқәа рырҭоит, сынтәа акупонқәа рхыԥхьаӡара 691 ыҟоуп.
Акупонқәа рыла ахәыҷқәа ирылшоит акрыфарҭа маҷқәа рҟны ахаа-мыхаақәеи, ахыжәлақәеи, аӡыхаақәеи раахәара.
Ахақәиҭра ашҭаҟны, аԥсаӡ акәша-мыкәша зынӡа иргылоуп 17 акрыфарҭа маҷқәа.