Арадио

Ԥачлиа Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы: сынтәа иналукаартә еиԥш аԥсшьаҩцәа рацәан

Сынтәатәи Ашықәс атуризм аҿиара аганахьала ахашәала бзиа аазгаз аамҭаны иҟалеит. Хәыҷы-хәыҷла еизҳауеит Ашықәс ҿыц азы ҳтәыла аҭыԥ ԥшӡарақәа ирҭааны избарц зҭаху. Афонҿыцтәи аҳаԥы аиҳабы иҳаҭыԥуаҩ Ахра Ԥачлиа арадио Sputnik аефир аҿы ашықәс аихшьалақәа ҟаиҵеит.
Sputnik
"Ашықәс азы иналукаартә еиԥш аԥсшьаҩцәа рацәаны иаҭааит. Афон ҿыцтәи аҳаԥгьы аҭааҩцәа рыла ибеиан. Сынтәа - 427 нызқьи 559-ҩык абилеҭқәа аархәеит. Ԥарала уи 217 миллиони 54 нызықь мааҭ инареиҳаны иаанагеит. Зда ԥсыхәа ыҟам аҳәынҭқарра иалагалатәу ашәахтәқәеи ауалафахәи аахыхны 67 миллиони 270 нызықь мааҭ азаанхоит. Аҳәынҭқарра иалагалоуп еиуеиԥшым ашәахтәқәа рыла иааидкыланы 133 миллиони 900 нызқь мааҭ аԥара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥачлиа.
Аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, ҵыԥхи сынтәеи еиҿҳарԥшуазар, сынтәа аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара хынтә рыла еиҳауп.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.