Арадио

Ҭаниаԥҳа аныҳәатә композициақәа раԥҵаразы: сгәы иахәоит аԥсуа рԥарцәа ианалырхуа

Аԥсаӡ архиара, аҩны аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵара уҳәа агьама аҵаҵан Ашықәс ҿыц аԥылара шахәҭоу атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит астудиа "Колибри" аԥҵаҩы Сариа Ҭаниаԥҳа.
Sputnik
"Иазгәаҭатәуп, Ашықәс ҿыц згәы хыҭҳыҭуа иазыԥшу шмаҷҩым. Иааиуеит, аҳамҭақәа алырхуеит. Ирацәоуп Ашықәс ҿыц иадҳәалоу акомпозициақәа аҿазҵо. Иԥсабаратәым аԥсаҵлақәа дыргыло иалагеит, убри аҟнытә ирҭахуп махәҭак иадамхаргьы зыԥсы ҭоу аԥсаӡ ала аишәа архиара. Еиҳарак иалырхуа аклассикатә ԥшшәқәа роуп, уи аҟаԥшьи ахьаԥшшәи. Аԥсаӡ архиараҿы сара схы иасырхәоит иԥсабаратәу астиль, аԥсабара иаҳнаҭаз амаҭәарқәа, уи ацитрустә шәырқәа рҩаны, акорица уҳәа, абарҭ рыла аԥсаӡ архиара бзиа избоит. Ашәҭқәа рҩаны зыԥсы ҭам аҵарақәа рылартәаны икнасҳауеит. Иҳәатәуп, уажәы ауаа дара ирабжьауго усҟак ишазымӡырҩуа, урҭ ирҭаху рдыруеит, рыҩны ианаало сарҳәоит, анаҩс ирзеиқәсыршәоит ргәы иақәшәо", - еиҭалҳәеит Ҭаниаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.