Арадио

Барзаниа: усс иҳамоу-аныҳәа ааныжьны ачымазаҩцәа ацхыраара рыҭароуп

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа амедиеҳәшьа еиҳабы Ииа Барзаниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц дшаԥыло, насгьы иарбан традициақәоу аҭаацәараҿы иныҟәырго.
Sputnik
"Усс иҳамоу аныҳәа ааныжьны ачымазҩцәа ацхыраара рыҭароуп. Ашықәс ҿыц аҭаацәа рыҩнуҵҟа ҳзаԥылаӡом. Сыԥҳацәа акы бацәымшәан, зегьы ҳара ирмазеины иҟаҳҵоит, жәа-минуҭк ракәзаргьы бзиаауазар ҳәа сарҳәеит. Сгәы ҭынчны ачымазаҩцәа срылоуп. Аҭаацәараҿыгьы сеилыркаауеит, избанзар аԥшәмагьы аибашьра ианалга инаркны Гал араион аҿы аҳәаа ихьчон, акыршықәса аҩны даҳбаӡомызт, усҟан гәыбӷан иаҳҭаӡомызт, уажәшьҭа сара исаамҭоуп. Амаҭацәа рзы аҳамҭақәа раахәара сынтәа ҳабду идуп", - ҳәа лҳәеит Барзаниа.
Ииа еиҭалҳәеит абжьааԥны аҭаацәараҿы Ашықәс ҿыц ишаԥыло атәы, ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа аныҳәа иаԥыларц ргәы ишҭоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.