Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гәниаԥҳа Ашықәс ҿыц ауха ателехәаԥшцәа ирбар рылшо атәы

Аныҳәаз агәалаҟазаара бзиа шьақәзыргыло иреиоуп ателахәаԥшраҿы иҳадыргало адырраҭарақәа. Ашықәс ҿыц аҩны иаԥыло рзы Аԥсуа телехәаԥшра иазнархиаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, Аԥсуа телерадиоеилахәыра ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ Анна Гәниаԥҳа.
Sputnik
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.