Арадио

Ашәаҳәаҩцәа Шәманиеи Ҭаниеи Ашықәс ҿыц иадҳәалоу ахҭыс лахҿыхқәа ирызкны

Ашәаҳәаҩцәа Џьими Шәманиеи Ҭемыр Ҭаниеи арадио Sputnik аефир аҿы иҳаҩсыз ашықәс аихшьалақәа ҟарҵеит, 2022-тәи иадырҳщало рыгәҭыхақәа ртәы еиҭарҳәеит, иагьышәаҳәеит.
Sputnik
Ҭемыр Ҭаниа еиҭеиҳәеит аҟазара аганахьала еихьӡарақәа ртәы, иҳәеит ачымазара иахҟьаны иалагалаз аԥкрақәа иахьынӡаинырыз атәы.
Џьими Шәманиа ииасыз ашықәс азы иԥсҭазараҿы иаликааз ахҭысқәа ртәы далацәажәеит, иҳәеит ашәақәа раԥҵара аус аҿы дзыхьӡаз атәы.
Ашәаҳәаҩцәа еиҭарҳәеит Ашықәс ҿыц иадҳәалоу рхәыҷтәы гәалашәрақәа ртәы, аныҳәа аламҭалаз изыниахьоу ахҭысқәа ртәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.