Аԥсны

Ашықәс ҿыц ауха Аҟәа иит ԥшьҩык ахәыҷқәа

Аҟәа ахада Беслан Ешба ишиӡбаз ала, 2022 шықәсазы аҳҭнықалақь аҿы раԥхьа ииз ахәыҷы иҭаацәа 100 нызқь мааҭ аԥара рырҭоит Аҟәа ахадараҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 – Sputnik. Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы Ашыҟәс ҿыц ауха иит ԥшьҩык ахәыҷқәа, рыԥшьҩыкгьы аԥсыуаауп, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.
Аҟәатәи ахшараиурҭа аҳақьым Диана Ҷыҭанааԥҳа ишылҳәаз ала, иит ҩыџьа аҷкәынцәеи ҩыџьа аӡӷабцәеи. Урҭ рахьтә реиҳа идуу ҷкәынак икапан 4,3 килограмм иҟоуп.
"Ахәыҷкәа рҭаацәарақәа Тҟәарчал, Лыхны, Маҷара, Гәдоуҭа иатәуп", - ҳәа адырра ҟалҵеит Ҷыҭанааԥҳа.
Аҟәа ахада Беслан Ешба ишиӡбаз ала, 2022 шықәсазы аҳҭнықалақь аҿы раԥхьа ииз ахәыҷы иҭаацәа 100 нызқь мааҭ аԥара рырҭоит Аҟәа ахадараҟынтәи. 2021 шықәсазы Аҟәа ахада иҟынтәи ари аҩыза аԥаратә ҳамҭа роуит аҷкәын дзауз Ԥачалиаа рҭаацәара.
Аԥсны
2022 ашықәс ҿыц азы Аҟәа раԥхьа ииз ахәыҷы 100 нызқь мааҭ иоуеит