АҞӘА, ажьырныҳәа 1 – Sputnik. Аҳауагәаҭаҩцәа Шәача ашьхараҿы асы ӷәӷәаны иауеит ҳәа адырра ҟарҵеит, убри иахҟьаны ажьырныҳәа 2 рҟынӡа амшцәгьа рҽацәырыхьчаларц ауаа ргәырҽанырҵеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә АҶА.
"Аҩада-Кавказтәи аҳауагәаҭаратә усбарҭа адырра ҟанаҵоит ажьырныҳәа 1-2 2022 шықәса рзы Шәача ашьхара иахьаҵанакуа асы ӷәӷәаны ишауа", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Аиқәырхаҩцәа иара убас ауаа ргәырҽанырҵоит ақәабаасабаа шықәшәуа, аҳәарагьы ҟарҵоит афымцацәаҳәақәа еибгоу еибгаму иацклаԥшларц.