Аԥсны

Аҟәа аҩны амца акын, хаҵак далаблит

Аҟәа Черниавски ихьӡ зху амҩаҿы ахатәы ҩны амца акит ҽынла ажьырныҳәа 2 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Аҟәа еихагылак змоу ахатәы ҩны амца акын, хаҵак далаблит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Амашәыр шыҟалаз азы аусбарҭахь адырра ҟалеит асааҭ 12:08 рзы. Амцарцәаҩцәа аннеиз, аԥшәма дзыҩназ ауада зегьы амца иамҽханакхьан.
Амца дырцәон Аҟәа иатәу амцарцәара-аиқәырхаратә гәыԥқәа ҩба.
Зылшарақәа ԥкыз аҩны аԥшәма амца далаблит амцарцәаҩцәа неиаанӡа.