Аԥсны

Аԥсны аҳазылхратә еилакы 2021 ашықәс аихшьаала ҟанаҵеит

Аԥсны аиҳабыра 2022 шықәсазы 15-20% аҳазылхратә шәарақәа рышьҭыхра азгәарҭуеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Аԥсны аҳазылхратә шәарақәа 2021 шықәсазтәи ауснагӡа 127% инагӡоуп, ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә аҳазылхратә еилакы апресс- маҵзура.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла ԥхынҷкәын 31 рзы, аҳазылхратә шәарақәа иахырԥхьаӡалаз 2млрд. 731 млн. мааҭ артәеит.

Иазгәаҭоуп, ауснагӡатә рбагақәа ишартәоз 2 млрд. 154, 8 млн. мааҭ.