Аԥсны

Иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аспортсмен, хынтәи аолимпиатә чемпион Виктор Санеев

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Аԥсны ииз иааӡаз, СССР еизгоу акоманда иаланы аурыла хынтәтәи аԥаразы хынтәтәи аолимпиатә чемпион Виктор Санеев идунеи иԥсахит 76 шықәса дшырҭагылаз.
Виктор Санеев – аспорт аҭоурых аҿы иараӡәк иоуп урыла хынтәтәи аԥаразы хынтәтәи олимпиатә чемпионы иҟалахьоу. Иара иреиӷьу ҳәа далкаан 1968, 1972, 1976 шықәсқәа рызтәи Аолимпиадақәа раан, 1980 шықәса рзы Москва Виктор Санеев араӡны медал даԥсахеит.
Ачемпион изы "араӡны": Аԥснытәи аспортсмен Аолимпиада-80 аҿы аҩбатәи аҭыԥ шигаз
Виктор Санеев иҭаацәа Ставропольтәи атәылаҿацә иатәын. Заԥхьаҟа ичемпионхараны иҟаз Виктор диит Аҟәа, жьҭаара 3, 1945 шықәса рзы. Аԥшьбатәи акласс аҟынӡа аҵара иҵон абжьаратә школ №8 аҟны. Анаҩс Гаграҟа ашкол-интернат ахь диаган.
1963 шықәса рзы Виктор Санеев ақәыԥшцәа рыбжьара 3 рекордк шьақәиргылеит: 100 метрак аҩраҿы, хынтәтәи аԥараҿы, урыла аԥараҿы. Шықәсык ааҵуаны СССР еизгоу акоманда далахәылахеит, Европатәи ахәмаррақәа рҿы араӡны медалқәа ианашьахеит. Абри ашьҭахь СССР дачемпионхеит.
1968 шықәса рзы Мексика имҩаԥысуаз аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа аԥснытәи аспортсмен изы ираԥхьатәихеит, ақәҿиарагьы ааирԥшит. Аквалификациатә еиндаҭлараҿы италиатәи аспортсмен Джентилле адунеитә рекорд шьақәиргылеит хынтәтәи аԥараҿы – 17 метраки 10 сантиметраки, афинал аан иара даҽа 12 сантиметра рыла ирекорд еиӷьитәит.
Виктор Санеев – аспорт аҭоурых аҿы иараӡәк иоуп урыла хынтәтәи аԥаразы хынтәтәи олимпиатә чемпионы иҟалахьоу.
Ари аҭакс Виктор Санеев арекорд ҿыц шьақәиргылоит - 17 метра 39 сантиметра дыԥоит. Миунхентәи аолимпиадаан, 1972 шықәса рзы Виктор Санеев ицназгоз дыҟамызт. Актәи аԥышәараан иааирԥшит 17,35 метра аԥара шилшоз.
1980 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз Аолимпиадаҿы Виктор Санеев иоуп астадион ахь Аолимпиатә мца кны иқәлаз. Уи амца нас ииҭеит амҵәышәмпыласыҩ Сергеи Белов. Белов Москватәи Аолимпиада амца аиркит.
Московатәи Аолимпиада ашьҭахь Виктор Санеев ақәгыларақәа дырҟәаҵны азыҟаҵаҩ иус ахь диасит.
Аамҭақәак рышьҭахь Виктор Санеев Австралиаҟа усура днарыԥхьоит. Иԥҳәыси иареи уахь нхара ииасит.