Аԥсны

Ашықәс ҿыц раԥхьатәи амшқәа рзы Риҵеи Афонтәи аҳаԥи жәнызқьҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа аҭааит

Аԥсны зегь раасҭа ӡынгьы ԥхынгьы аԥсшьаҩцәа рацәаҩны изҭаауа аҭыԥқәа иреиуоуп Риҵатәи ареликттә амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ажьырныҳәа 1 инаркны 3-нӡа Риҵатәи амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи ирҭааит жәнызқьҩык инарзынаԥшуа аԥсшьаҩцәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭарҳәеит аусбарҭақәа реиҳабацәа.
Риҵатәи апарк хымш рыла иаҭааит хәнызқьҩык аԥсшьацәа ҳәа иҳәеит апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа. Иара иажәақәа рыла, ҵыԥхтәи ашықәс ари аамҭазгьы Риҵа иаҭааз рхыԥхьаӡара хәнызқьҩык рҟынӡа инаӡон.
"Даара ирацәоуп Урыстәылантәи зхатәы машьынақәа рыла арахь иааз, амашьынақәа ахьҳаргыло аҭыԥгьы ыҟаӡам", - иҳәеит иара.
Багаҭелиа иазгәеиҭеит, Риҵанӡа амашьынақәа халарц азын иҷыдоу аусбарҭақәа лассы-ласс амҩа асы шанырго, аԥсламӡ шкарԥсо, илаҟәу амашьынақәа аӡынтәи агьежьхарԥа зҵоу ԥықәсыларыда ишхало.
"Асы ааҟәымҵӡакәан аура иаҿуп, аха амҩа зрыцқьо атехника уахгьы-ҽынгьы аус ауеит. Асы аҿыгҳара 50 сантиметр ишьҭалахьеит. Араҟа иузеиҭамҳәо иԥшӡароуп", - иҳәеит Багаҭелиа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, Ауадҳараҟа инагоу амҩа шарку, асыԥса ахьлеиуа аҭыԥқәа ахьыҟоу иахҟьаны.
Аԥсны
Аӡынтәи арезина зҵам амашьынақәа Риҵаҟа иҭарыжьлом
Афонҿыцтәи аҳаԥы адиректор ихаҭыԥуаҩ Ахра Ԥачалиа ишеиҭеиҳәаз ала, жьырныҳәа 1 инаркны 3-нӡа аҳаԥы иҭалеит 3 947 ҩык, 2021 шықәсазы раԥхьатәы хымш рыла аҳаԥы иҭалаз рхыԥхьаӡара 3 260 ҩык ыҟан.
Ԥачалиа иажәақәа рыла, еиҳарак аҳаԥы иаҭаауа апсшьаҩцәа Шәачантәи мышктәи аԥсшьараз иаауа роуп.