Арадио

Ашәба аҽыбӷаҟазаратә спорт азы 2021-тәи ашықәс: амилаҭқәа жәпакы ҳадныҳәало ҳхы ааҳарԥшит

Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорти, хаҭала иара изы иҳаҩсыз ашықәс зеиԥшрази, иаԥхьаҟатәи игәҭакқәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ахада аспорт азы иабжьгаҩ, аҽааӡаҩ Ахра Ашәба.
Sputnik
Аҽыбӷаҟазаратә спорт азы 2021-тәи ашықәс маншәалан. Уи дырҵабыргуеит еиуеиԥшым аицлабрақәа ирылахәыз ҳҽыҩцәа риааирақәа. 2021-тәи ашықәс азы Урыстәыла иахьаҵанакуа аҽааӡаҩцәа рреитинг аҿы аԥшьбатәи аҭыԥ аанызкылаз Ахра Ашәба уи аспорт Аԥсназы ԥеиԥш иамоу атәы дазааҭгылеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.