Ҟазахсҭан аиҿагыларақәа раан амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа ҭахеит

Ҟазахсҭан ақалақьқәа жәпакы рҿы ауаа рацәа злахәу аилаҩеиласрақәа мҩаԥысуеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеижьҭеи иҭахеит ааҩык аполициа аусзуҩцәеи амилаҭтә гвардиа асолдаҭки, даҽа 317-ҩык ахәрақәа роуит. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Ҟазахсҭан атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.
Уаанӡа амчратә усзуҩцәа рыбжьара аԥсыҭбарақәа шыҟалаз атәы иҳәеит атәыла ахада Токаев иуаажәлар рахь ааԥхьара аныҟаиҵоз.
Ҟазахсҭан ахада иуаажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
Ҟазахсҭан аҿагыларатә акциақәа ирылагеит ашықәс ҿыц ҳшынҭалаз еиԥш. Ақалақьқәа Жанаозени Актауи рҟны инхо ауааԥсыра амитингқәа рахь ицәырҵуан амашьына абылтәы ҳасабла иҭарҭәо аӡшьартә нефҭтә газ ахә ҩынтә иахьышьҭыҵыз иаҿагыло. Атәыла аиҳабыра аҿагылара аазырԥшуа ауаа ирхаҵгыланы агаз ахәԥса аларҟәра ишазыхиоу шырҳәазгьы, ауаа уи иааннамкылеит, аҿагыларатә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ииасит.
Ажьырныҳәа 5 рзы аҭагылазаашьа зынӡаск аибарххарахь икылнагеит, Алма-Ата ақалақь ахадара ахыбра иажәлан амцагьы ацрарҵеит. Ауаа рацәа злахәу аилаҩынтрақәа ирылагеит. Ҩ-миллионҩык ауаа ахьынхо ақалақь аинфраструктура аԥхасҭа ӷәӷәа аҭоуп. Аҳаирбаӷәаза аусура аанкылоуп.