АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. COVID аҟынтә аԥынҵа иҭарҭәо алаҵеи ахәыҷқәа рзы алаҵеи 2022 шықәсазы ицәырҵуеит, иара убас ашықәс анҵәамҭазы аимҳәеи акоронавируси рыҩбагь рҟынтә лаҵак аԥҵаразы аклиникатә ҭҵаарақәа ирылагоит ҳәа РИА Новости иазгәеиҭеит Гамалеи ихьӡ зху Амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститут аиҳабы Александр Гинцбург.
"Раԥхьаӡа инаргыланы аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа ахархәарахь инеироуп", - иҳәеит Гинцбург, 2022 шықәсазы иззыԥшу алаҵақәа арбақәан ҳәа ирҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо.
Иара убас иара иажәақәа рыла, 2022-тәи ашықәс анҵәамҭазы аимҳәеи акоронавируси рыҩбагь рҟынтә лаҵак аԥҵаразы аклиникатә ҭҵаарақәа ирылагоит
"Сгәанала, иааиуа ашықәсан алаҵа ахәыҷқәа, қәрала изҵазкуазаалак, зегьы рхы иадырхәар рылшоит, хымԥада, уи зҭаххо иҟарҵалоит, ихатәгәаԥхаралатәхоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гинцбург.
Урыстәыла иҭаҩуп Гамалеи ицентр иаԥнаҵаз COVID-19 аҟынтәи акымкәа алаҵақәа. 2020 шықәса нанҳәамзазы иҭаҩын ҩ-компонентк рыла ишьақәгылоу "Спутник V". 2021 шықәса лаҵарамзазы иҭаҩын компонентк змоу "Спутник Лайт". Абҵарамзазы иҭаҩын ақәыԥшцәа рзы алаҵа "Спутник М".