Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа 2021 шықәсазы аекономикаҟны аиҵахарақәеи аихьӡарақәеи ртәы

Аԥсны аекономикеи азини ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа арадио Sputnik аефир аҟны еихишьалеит иҳаҩсыз ашықәс азы атәыла аекономика алҵшәақәа, дырзааҭгылеит ацәажәарақәеи агәынамӡарақәеи зцыз ахҭысқәа.
Sputnik
Аҳәынҭқарра абиуџьет анханарҭәаауа аамҭазы, абылтәы, ача, афатә уҳәа рыхәқәа еизҳауеит. Арҭқәа атәыла аекономика иахьынӡаныԥшуа атәы дазааҭгылеит Аекономикеи азини ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа ицәажәараҟны, иара убас иааизакны иҳаҩсыз ашықәс атәыла аекономиказы изеиԥшраз атәы иҳәеит.
"Ҳазҭагылоу аамҭазы иҟоу ачымазара (COVID-19 - азгә.) аекономика ианымԥшыр залымшеит. Ус шакәугьы, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, хар амамкәа ииасит уҳәар ауеит ашықәс Аԥсны аекономиказы. Аҳәынҭқарра абиуџьет ахь иаланагало ахашәала, ԥасатәи ашықәсқәа ирҿурԥшуазар, еиҳаны иаанагеит планла ишьақәыргылаз аасҭа", - иҳәеит Шьалашьаа.
Аиҿцәажәара инарҭбааны аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.