Аԥсны

Аслан Бжьаниа Хьыбла Гьерзмааԥҳа лымшира лыдиныҳәалеит

Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, акультура аусхк аҟны Урыстәыла Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат, Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә музыкатә театр асолистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа ажьырныҳәа 6 рзы илымшироуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лымшира лыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Гәык-ԥсык ала ишәыдсныҳәалоит шәымшира! Ҽакы иаламҩашьо шәара шәыбжьы хаа адунеи иқәынхо миллионҩыла ауаа ргәы ҟанаҵоит, џьашьахәыс ирԥхьыӡоит. Шәара ҳаеҵәахә шәоуп, шәбаҩхатәра ҳәаа амам, шәара шәыԥсҭазаара ҿырԥшыгоуп амузыкатә ҟазара зҽазызкырц зҭаху зегьы рзы. Шәара шәықәгыларақәа рыла ишәырлашоит адунеи иреиӷьӡоу асценақәа, илыԥшааху ахәаԥшцәа дыршанхоит", - ҳәа ануп адныҳәалара атекст аҟны.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар бзиа дшырбо, ишлызгәыдуу рыхьӡ ҭызго, гәык-ԥсык ала зыԥсадгьыл Аԥсны бзиа избо, иахӡыӡаауа Хьыбла Гьерзмааԥҳа.
"Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." РУСДРАМ асценаҿы
Хьыбла Гьерзмааԥҳа диит ажьырныҳәа 6 1970 шықәса рзы.
Лара – адунеитә оператә сценаҟны инарылукааша шәаҳәаҩуп. Лара дықәгылахьеит адунеи иреиӷьӡоу аоператәи аконцерттәи сценақәа рҟны - Ла Скала, Ковент-Гарден, Метрополитен-опера, Бавартәии Римтәии атеатрқәа, Венатәи аопера асцена уҳәа рҟны. Аконцерттә программақәа лыманы адунеи атәылақәа жәпакы дырҭаахьеит.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа – Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка, иланашьоуп аԥхьахәқәа "Триумф", "Casta Diva" аноминациа "Иреиӷьӡоу аоператә шәаҳәаҩы" аҟны, амилаҭтә театртә ԥхьахә "Ахьтәы сабрада" аноминациа "Иреиӷьӡоу аԥҳәыс лроль" аҟны, атеатртә ԥхьахә "Ахьы Орфеи" аноминациа "Иреиӷьӡоу ашәаҳәаҩ" аҟны.
Рашәара 12 азы Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа Хьыбла Гьерзмааԥҳа лнапы иаиркит аурыси адунеитәи оператә ҟазара арҿиараҿы иҟалҵаз алагалазы.
Владимир Путин Хьыбла Гьерзмааԥҳа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә премиа лнапы иаиркит