Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа 2021–тәи ашықәс асахьаҭыхыҩцәа рзы изеиԥшраз атәы

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы, апроектқәа рхылаԥшҩы Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еихылшьалеит иҳаҩсыз ашықәс азы русура алҵшәақәа, далацәажәеит ари ашықәс азы гәҭакқәас ирымоу атәы.
Sputnik
Апандемиа аамҭа аҟазацәа рҽақәдыршәеит, азнеишьа ҿыцқәа рхы иадырхәеит, еиҿыркааит онлаин-цәыргақәҵақәа. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иаанартыз алшарақәа, атрадициатә знеишьақәа ирышьцылахьоу аҟазацәа урҭ шрыдыркыло, 2022 шықәсазы Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иазгәарҭо атәы дрылацәажәеит асахьаҭыхҩы, апроектқәа рхылаԥшҩы, Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны шәазыӡырҩы.