2021 шықәсазы Баграт Шьынқәба ихь зху афонд ахыдҵақәа аиҳарак нанагӡеит ҳәа азгәеиҭеитеит арадио Sputnik аефир аҟны афонд аусзуҩы Дмитри Габалыиа.
" Ҳара ҳзы гәахәароуп ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа ахьыддырҵо иҿыцу ахыбрақәа, аҭыԥқәа анаадыртуа. Ҳазҿу аметодика( аԥсуа бызшәа арҵара –азгәаҭа ) ихадоу ахәҭақәа хҳаркәшеит, уажәшьҭа аԥсҭазаараҟны аус ауроуп. Иахьа уажәраанӡа иҟаз агәыԥқәа рхыԥхьаӡара иацлеит иаҳхысыз ашықәсан. Аԥсуа қыҭақәа рҿгьы аԥсуа бызшәа апроблема ықәымгылар амуит, убас Лыхны иаартын агәыԥ абызшәа ахьырҵо. Уи иаҭаауа ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа роуп. Ҳақәыгәыӷуеит ахәыҷқәа раԥсшәа шьақәгыланы иҟалап ҳәа. Уи ҳақәзыргәыӷуа аметодика ахаҭа ауп", - иҳәеит Габалыиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.