Аԥсны

Аҟәа амашьына хышәҭын амца акит

Заанаҵтәи адыррақәа рыла автомашьына "Газель" амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны ихышәҭит ахәаша ажьырныҳәа 7 ауха.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik, Бадри Есиава. Автомашьына "Газель" хышәҭын амца акит Аҟәа ақалақь Лакобеи Дбари рымҩадуқәа реихысарҭаҿы, ҳәа Аԥсны АҶА апресс-маҵзурахьы инарыцҳаит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны автомашьына "Газель" хышәҭит.
Уахь иаразнак Аԥсны АҶА аусзуҩцәа неит. Иҟалаз ахҭыс ҭырҵаауеит.