"Омикрон" ацәырҵраҿы лассы-ласс ахыхь ацуп ҳәа азгәалҭоит аҳақьым

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik. COVID-19 омикрон-аштамм ацәырҵра 75% абжьааԥнытәи ахьҭалалара еиԥшуп ҳәа азгәалҭеит британиатәи аҳақьым Клер Стивс. Лара лажәақәа аагоуп Daily Express акьыԥхь аҟынтәи.
Аҳақьым иазгәалҭеит, ачымазара ахк ҿыц SARS-CoV-2 изыхьуа еиҳарак имарианы ишырхырго. "Омикрон" алмарҵәаразы атәыла анапхгара иазгәарҭароуп абжьааԥнытәи ахьҭалалара иацу ацәырҵрақәа ишреиԥшу.
"Ҳара иаҳҭахын ахәдахь, ахыхь, аԥынҵеихачра абарҭқәа зегьы "омикрон" ацәырҵра иацу асиа иахырԥхьаӡалар", - ҳәа лҳәеит аҳақьым.
Раԥхьаӡа акоронавирус SARS-CoV2 ахк ҿыц аарԥшын Ботсванеи Африка Аладатәи ареспубликаҿи иҳхысыз ашықәс абҵарамзазы. Уи анаҩс ирлас адунеи зегьы иалаҵәеит. Ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы Урыстәыла "омикрон" зыхьыз рхыԥхьаӡара шәҩык инареиҳан, урҭ рыбжьара иҟоуп иалагаламкәан аҭыԥан ицәырҵыз захьыз.
Урыстәыла иазгәарҭеит иалагаламкәа аҭыԥан ицәырҵыз акоронавирус омикрон-штамм