Аԥсны

Аҟәа амца зыцралаз ахатәыҩны дырцәеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аҟәа Ашьхаҵҟатә амҩаҿы ҩ-еихагылак змоу ахатәыҩны амца акит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Амцакра шыҟалаз азы аусбарҭахь адырра ҟалеит асабша ажьырныҳәа 8 асааҭ 16:32 рзы.
Амца дырцәон Аҟәа ақалақь иатәу амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥқәа ҩба.
Аҩбатәи аихагылаҟны ауадақәа ҩба блит, ауааԥсыра рганахьала аӡәгьы ааха имоуит.