АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иахьаҵанакуа Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа ирыԥшааит иаха иӡыз ашәарыцаҩ иԥсыбаҩ. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иҟоуп агәаанагара иара ахра даҿҟьаны дҭахеит ҳәа.
АҶА аусзуҩцәа иӡыз а-Габлиа иԥшаара иаҿын ажьырныҳәа 9 асааҭ 17:25 инаркны, ауха шаанӡагьы ишьҭан.
Тҟәарчал аханы ҵыԥх ԥхынҷкәынмзазы иԥсыбаҩ рԥшааит шәарыцара уахь ихалаз Бето Кәакәасқьыр. Иара ишьҭан абҵарамза 30 инаркны.