Арадио

Амҷԥҳа еиҭалҳәеит Германиа Аԥсны аӡыргараз иалдыршаз, иазгәаҭоу аусқәа ртәы

Германиа ҳтәыла аӡыргараз иарбан усмҩаԥгатәқәоу Аԥсны ахаҭарнакра еиҿнакааз иҳаҩсыз ашықәсаз, аԥсуа-абаза диаспора ашәҟәы рҭагалара аус шцо, сынтәа иазгәаҭоу ауснагӡатәқәа ртәы еиҭалҳәеит Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.
Sputnik
Ҳдиаспора ахьынхо Европа атәылақәа ируакуп Германиа. 2005 шықәса раахижьҭеи уи атәылаҿы инхо Аԥсны аӡбахә рызнагареи аӡыргареи рзы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. 2022 шықәсазы Германиантәи Аԥсныҟа атуристцәа раҳасабала иаарц агәаҳәара аазырԥшыз агәыԥқәа ыҟоуп. Иарбан хыдҵакәоу иалнакаауа Аԥсны ахаҭарнакра ҳазҭалаз ашықәсаз, изеиԥшраз иҳаҩсыз 2021-тәи, Германиа зеиҿкаара алыршахаз аусмҩаԥгатәқәа еихылшьалеит арадио Sputnik аефир аҟны Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.