Аԥсны

Аԥсны Апрокурор хадеи урыстәылатәи иколлегеи еиԥылараны иҟоуп Москва

Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба зхадараҿы дыҟоу аделегациа алахәхараны иҟоуп Урыстәыла апрокуратура аԥырҵеижьҭеи 300 шықәса аҵра иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба Москва диԥылараны дыҟоуп урыстәылатәи иколлега Игор Краснов, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аԥсны Апрокуратура хада аделегациа Москваҟа ицоит ажьырныҳәа 11 рзы.
Аҳәаанырцәтә делегациақәа Москваҟа рнеира аҳәаақәа ирҭагӡаны агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара адагьы ииԥылараны иҟоуп Урыстәыла Апрокурор хада Игор Краснов.
Уи адагьы, ажьырныҳәа 12 рзы Урыстәыла Апрокуратура хада анапхгаҩцәеи аҳәаанырцәтә делегациақәеи, Аԥснытәи назлоу, Урыстәыла ахада Владимир Путин ииԥылараны иҟоуп.