"Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол Аԥсны арҵаҩцәа зегьы рзы хҭыс дууп. Раԥхьаӡа акәны мҽхакы ҭбаала, 40-ҩык Урыстәылантәи иреиӷьӡо арҵаҩцәа рԥышәа ҳамырдеит. Еиҳарак хықәкыс иамоу арҵаҩы ицәыргароуп, уи дзеиԥшразар акәу. Ҳара ҳазлатәаз арҵаҩцәа рҟазара ашьҭахь иуҳәар алшоит, абас дыҟазароуп арҵаҩы ҳәа. Иара идырра ҳаракызароуп, уи анаҩс, азнагашьа дақәшәозароуп. Аҵаҩы иҵаратә процесс аинтерес аҵаны, ихаҭа активла аҵаратә процесс далахәны дыҟазароуп. Абри ҳбеит ари ашкол аҿы", - ҳәа азгәалҭеит Кәакәаскьырԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.