"Иаҳхысыз ашықәс азы ишаҳҭахыз еиԥш ахәыҷқәа азыҟаҵо, атурнирқәа рхы аладырхәуа иаҳзеиҿымкааит. Аспорт аангылеит ҳәа сгәы иаанагоит. Шықәсык ишаҳҭахыз аспортзалқәа рахь ҳазнеиуамызт. Зынӡа аусура аанаҳмыжьырцаз адәаҿы ҳҽазыҟаҳҵон, аха уи даара имаҷуп аспортсмен изы. Апрофессионалтә спортсмен изы мчыбжьык иҽазыҟаимҵаргьы, иаразнак инубаалоит. Ахәыҷқәа аформа бзиаҿы иҟан, аиааирақәагьы ааныркылон, ҳдыргәырӷьон, аха иаҳхысыз ашықәс даара иаҳнубаалартә ҳҟалеит, Аԥсны анҭыҵ иқәгылоз еиҳа ақәҿиарақәа ргар рылшон, аҽазыҟаҵара бзиа рымазҭӷьы. Аспорт аанзыжьызгьы дҟалеит. Ҳаԥхьаҟа иҟало ҳаргьы иҳазраҳәом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бераиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.