Краснодартәи атәылаҿацә АҶА алаҳәара ҟанаҵеит амшцәгьа шыҟало азы

Амшцәгьақәа ҟалоит ажьырныҳәа 11-14 рзы иаалырҟьаны ахьшәашәарақәа ахьцәырҵуа иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә АҶА алаҳәара ҟанаҵеит амҩақәа ишрықәҵаауа, афымцацәаҳәақәеи аҵлақәеи ишрықәшәуа, 15-20 метра зымч наӡо аԥшасра шыҟало азы.
Краснодартәи агидрометеорологиатә центр аҳауагәаҭаҩцәа иазԥхьагәарҭоит асоура, ақәоура шыҟало ажьырныҳәа 11-12 руха инаркны ажьырныҳәа 14 рҟынӡа.

Ашьхараҿы асы ӷәӷәаны илеиуеит, ахара уанынаԥшуа, 300-1000 метра рышьҭахь акгьы умбо иҟалоит, цәгьала ихьшәашәарахоит.

Ажьырныҳәа 11 асааҭ 18:00 инаркны ажьырныҳәа 14 асааҭ 18:00 рҟынӡа асыԥса леир алшоит ашьхараҿы.