Миасников акоронавирус аштамм ҿыцқәа рцәырҵра мзызс иаиур алшо атәы иҳәеит

Уажәы адунеи атәылақәа рҿы аиҳарак иалаҵәаны иҟоу "дельта" ауп, аха аҵарауаа ишырҳәо ала "омикрон" уи аԥсахыр алшоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Акоронавирус авариант ҿыцқәа рцәырҵра аиммунодефицит змоу ахьычмазаҩхо ауп ҳәа иҳәеит ателеканал "Россия 1" аҿы аҳақьым, амҩаԥгаҩ Александр Миасников.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаараҿы "омикрон" иааиуа хымз рзы аҽарцәгьоит рҳәеит
Миасников иҳәеит авирус арҭ ауаа рцәеижь аҿы еиҳа иццакны ишалаҵәо.
"Акоронавирус ԥсабарала аҽеиҭакра ашықәсқәа аҭахызар, аиммунодефицит змоу рҿы уи аҽакала аҽеиҭанакуеит. Кембриџь ишьҭаз пациентк ажьӡы змаз шәкыла аҽеиҭакрақәа идырбалеит. Аԥсабараҿы ари жәашықәса еиҵамкәа иаҭахын. Омикронгьы абасоуп ишцәырҵыз. Ԥхьаҟагьы авирус еиҭакқәа ахьцәырҵуа аиммунодефицит змоу рҿоуп", — иҳәеит Миасников.
Аҳақьым игәаанагарала, аиммунодефицит змоу хынтәтәи адозала алаҵа рзыҟаҵалатәуп, избанзар арҭ ачымазцәа рзы иаабац алаҵа алшара лаҟәуп.