COVID-19 иаҿагыло алаҵақәа "омикрон" аԥырҟәҟәааразы еиҭарҿыцтәуп аҳәеит ААЕ

Иахьазы адунеи аҿы акоронавирус рыхьхьеит 300 миллионҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 5 миллионҩык инреиҳаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. COVID-19 аҟынтә иахьазы иҟоу алаҵақәа еиҭарҿыцтәуп аштамм ҿыцқәа рҿагыларазы, ҳәа аҳәоит ААЕ алаҵақәа реилазааразы атехникатә консультативтә гәыԥ абжьгараҿ.
"Атехникатә консультативтә гәыԥ иахәҭаны иашьоит алаҵа ҿыцқәа раԥҵара аус адулара, аиҭаҿкра ҿыцқәа раԥырҟәҟәаареи авирус алаҵәара алмыршареи рзы. Асеиԥш иҟоу алаҵақәа ҟалаанӡа иахьазы иҟоу алаҵақәа еиҭарҿыцтәуп "омикрон" аиԥш иҟоу агәҭынчымра узцәырызго аштамм ҿыцқәа рыхәаҽразы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаараҿы "омикрон" иааиуа хымз рзы аҽарцәгьоит рҳәеит
ААЕ европатәи аҟәша аиҳабы Ханс Клиуге Вашингтонтәи ауниверситет аҿы иҟоу агәабзиара арбагақәеи ахәшьарақәеи р-Институт адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны иҳәеит иааиуа фба-ааба мчыбжьы рыҩнуҵҟа 50 процент Европа ауааԥсыра аштамм "омикрон" шьҭыркаауеит ҳәа.
Ажьырныҳәа 13 азы Женева имҩаԥысраны иҟоуп COVID-19 адунеитә ҭагылазаашьа ахәшьара аҭаразы ААЕ аилак аилатәара.