Путин ажәалагала ҟаиҵеит урыстәылаа ртәанчахәқәа аинфлиациа еиҳаны аиндексациа рызуызарц

2021 шықәса аԥхынразы "Иаку Урыстәыла" аизара ду аҟни ԥхынҷкәын имҩаԥысыз ипресс-конференциаҟни Урыстәыла ахада Владимир Путин атәанчахәқәа риндексациа хымԥадатәуп ҳәа иҳәеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. Ахәқәа 8,4% рыцлара инадҳәаланы Владимир Путин аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәанчахәқәа 8,6% рыла риндексациа мҩаԥгазарц, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Урыстәыла ахада иҳәеит ахәқәа иаалырҟьаны рышьҭыҵра иахҟьаны уаанӡа ирыдыркылахьаз аӡбрақәа атәанчаҩцәа рныхрақәа хырҩом ҳәа, уи аза ажәалагала ҟаиҵеит атәанчахәқәа 8,6% рыла риндексациа мҩаԥгазарц.
Аԥсны ахархәарахь ицәыргахоит аџьаусшәҟә ҿыцқәа
Асоциалтә политиказы Афедерациатә хеилак ахада Инна Свиатенко илҳәеит асенаторцәа иахәҭоу азакәан апроект аамҭа мгакәа ишрыдыркыло, аиҳабырагьы иахәҭоу апроцедурақәа шымҩаԥырго.
ООН афатәааглыхратәии ақыҭанхамҩатәии аиҿкаара (ФАО) адыррақәа рыла, адунеи зегьы аҿы афатә ахә ԥшьынтә еиҳахеит 2020 шықәса иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар. Ақыҭанхамҩатә аалыҵ хадақәагьы рыхәқәа ашьҭыҵра ахҟьеит апандемиа, аҳауа аҽеиҭакра.