Арадио

Ахԥҳа еиҭалҳәеит ажьырныҳәамзазы асы ианазыԥштәу

Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы иатәу аҳауагәаҭаратә ҟәша аспециалист хада Лариса Ахԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит арҭ амшқәа рзы иахьынӡахьшәашәарахо атәы, асы леир алшо иалымшо.
Sputnik
"Амҩа иқәуп еиуеиԥшым аҳауа еиҿагылақәа. Амш акырӡа аҽеиҭанакуеит ишыҟоу аасҭа, аха асы ишьҭало леиуеит ҳәа ҳазҳәом, ишьҭагыланы, асеигәыдҵа ухәмарыртә еиԥш иҟалом. Ақәа леиуеит. Ҭыԥқәак рҿы ақәабаа-сабаа ахь ииасуеит. Акырӡа ихьшәашәарахоит. Иара убригьы ҵаа дуук ҟалараны ҳәа иаҳбаӡом. Уахынла 0 инаркны 3-4 градус рҟынӡоуп аԥхарра ахьыҟало, ҽынла – 6-7 градус ҟалар алшоит. Аԥшаласра 11-16 метра иҟалоит, уи абжьааԥны аасҭа еиҳауп. Арыцхә 15-16 рзы амшын аԥшаҳәа иахьаԥну аҭыԥқәа рҿы асы леип ҳәа ҳгәыӷуеит, анаҩс асы ҳбаӡом, аха ахьҭа ҳнарбоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ахԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.