Аԥсны

Ажьира алԥха-агәыԥха: Џьгьарда ақыҭан аныҳәа шазгәарҭо

Ажьырныҳәа, абзыԥқәа рҿы Хьачхәама ҳәа ззырҳәо, мҩаԥысуеит амзаҿа ангыло, ажәытәтәи иулиантәи амзар ала ажьырныҳәа 13 рзы. Апсуаа жәытәнатә аахыс ари ашықәс еиҩшара ҳәа ирԥхьаӡон.
Sputnik
Аԥсны ажьырныҳәа азгәазҭо рацәаҩуп, урҭ иреиуоуп Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан инхо Леуа Абыхәба иҭаацәа.
Аныҳәа иамоуп ахатәы ԥҟарақәа, акәамаҵамарақәа, аха доусы иҩнаҭаҿы жәытәла изықәныҟәоз аҷыдарақәа азгәарҭоит.
Ажәлар рдинтә мифологиатә дунеихәаԥшраҿы ҳазшаз Анцәа ду ишьҭанеиуа Афи Шьашәи иааимаркуа, еиваҟәыло иҟоуп. Раԥхьаӡа адунеи аҟны ауаҩы аихалых иибаз, ихы иаирхәаз аметеорит еиха ауп, абырзал, Афы рхы, Шьашәы рхы ҳәа ззырҳәоз.
Ажьира ишабалак уазныҟәар, иатәым даҵагылар ҟалаӡом. Ажьираҟны дныҳәоит аҭаацәа реиҳабы, аныҳәара аби аԥеи еимырдоит.
Ажьырныҳәа амарҭхә, ачысхәы: ацәашьы абри аныҳәараҿ ихадоу, зда ԥсыхәа амам иреиуоуп. Хьачхәаматәи аҭаацәа ирзеиԥшу ацәымза былуа анҵәамҭахь ианнеилак, иаакыдхны "зҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган!" ҳәа зегьы рхы иаакәыхшаны амца иақәдыршәуан.
1 / 14

Леуа Абыхәба иҭаацәара зегьы раб игәараҭаҟны Ажьырныҳәа азгәарҭоит.

2 / 14

Традициала ари аҽны Ҳаиҳазымчу ихьӡала ашьтәа ршьуеит, еиҳарак уи аџьма ауп.

3 / 14

Аԥсуаа рныҳәаратә қьабзқәа рҟны аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоиn Ажьырныҳәа.

4 / 14

Ашьтәа анаҩсан, доусы ихьӡала арбаӷьқәа ршьуеит.

5 / 14

Аҳәса арбаӷьқәа дрыцқьоит, ирбылуеит, ажәразы иақәдыргылоит.

6 / 14

Аныҳә чыс ҳәа ихарҟьаны аҟаҵара иаԥсам, иахәҭоу акәымзар.

7 / 14

Аҩны иатәу аҳәса аҳампалқәа ҟарҵоит.

8 / 14

Амажәа ашә агәыларҵоит

9 / 14

Аҵарауаа Ажьырныҳәа ҩ-нызқь шықәса ахыҵуеит ҳәа азгәарҭоит.

10 / 14

Амцаҟны ақәаб дуқәа рыла аныҳәазы иршьыз акәац ржәуеит, абысҭа руеит.

11 / 14

Араса ҵәы иахарҵоит аҭаацәара зыхныҳәо агәы-агәаҵәа.

12 / 14

Аҭаацәа зыхныҳәо агәи-агәаҵәеи аҳампалқәеи.

13 / 14

Ажьира иаҵагылоит аҭаацәа зегьы, ажьира амаа зку аныҳәаҩ "алԥха -агәыԥха" ҳамазааит ҳәа дныҳәоит.

14 / 14

Ажьира иаҵагыло зегьы рыхьӡала ацәашьқәа адыркуеит.