Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ажьира алԥха-агәыԥха: Џьгьарда ақыҭан аныҳәа шазгәарҭо

Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа, абзыԥқәа рҿы Хьачхәама ҳәа ззырҳәо, мҩаԥысуеит амзаҿа ангыло, ажәытәтәи иулиантәи амзар ала ажьырныҳәа 13 рзы. Апсуаа жәытәнатә аахыс ари ашықәс еиҩшара ҳәа ирԥхьаӡон.
Аԥсны ажьырныҳәа азгәазҭо рацәаҩуп, урҭ иреиуоуп Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан инхо Леуа Абыхәба иҭаацәа.
Аныҳәа иамоуп ахатәы ԥҟарақәа, акәамаҵамарақәа, аха доусы иҩнаҭаҿы жәытәла изықәныҟәоз аҷыдарақәа азгәарҭоит.
Ажәлар рдинтә мифологиатә дунеихәаԥшраҿы ҳазшаз Анцәа ду ишьҭанеиуа Афи Шьашәи иааимаркуа, еиваҟәыло иҟоуп. Раԥхьаӡа адунеи аҟны ауаҩы аихалых иибаз, ихы иаирхәаз аметеорит еиха ауп, абырзал, Афы рхы, Шьашәы рхы ҳәа ззырҳәоз.
Ажьира ишабалак уазныҟәар, иатәым даҵагылар ҟалаӡом. Ажьираҟны дныҳәоит аҭаацәа реиҳабы, аныҳәара аби аԥеи еимырдоит.
Ажьырныҳәа амарҭхә, ачысхәы: ацәашьы абри аныҳәараҿ ихадоу, зда ԥсыхәа амам иреиуоуп. Хьачхәаматәи аҭаацәа ирзеиԥшу ацәымза былуа анҵәамҭахь ианнеилак, иаакыдхны "зҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган!" ҳәа зегьы рхы иаакәыхшаны амца иақәдыршәуан.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Леуа Абыхәба иҭаацәара зегьы раб игәараҭаҟны Ажьырныҳәа азгәарҭоит.

Леуа Абыхәба иҭаацәара зегьы раб игәараҭаҟны Ажьырныҳәа азгәарҭоит. - Sputnik Аҧсны
1/14

Леуа Абыхәба иҭаацәара зегьы раб игәараҭаҟны Ажьырныҳәа азгәарҭоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Традициала ари аҽны Ҳаиҳазымчу ихьӡала ашьтәа ршьуеит, еиҳарак уи аџьма ауп.

Традициала ари аҽны Ҳаиҳазымчу ихьӡала ашьтәа ршьуеит, еиҳарак уи аџьма ауп. - Sputnik Аҧсны
2/14

Традициала ари аҽны Ҳаиҳазымчу ихьӡала ашьтәа ршьуеит, еиҳарак уи аџьма ауп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсуаа рныҳәаратә қьабзқәа рҟны аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоиn Ажьырныҳәа.

Аԥсуаа рныҳәаратә қьабзқәа рҟны аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоиn Ажьырныҳәа. - Sputnik Аҧсны
3/14

Аԥсуаа рныҳәаратә қьабзқәа рҟны аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоиn Ажьырныҳәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ашьтәа анаҩсан, доусы ихьӡала арбаӷьқәа ршьуеит.

Ашьтәа анаҩсан, доусы ихьӡала арбаӷьқәа ршьуеит. - Sputnik Аҧсны
4/14

Ашьтәа анаҩсан, доусы ихьӡала арбаӷьқәа ршьуеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҳәса арбаӷьқәа дрыцқьоит, ирбылуеит, ажәразы иақәдыргылоит.

Аҳәса арбаӷьқәа дрыцқьоит, ирбылуеит, ажәразы иақәдыргылоит. - Sputnik Аҧсны
5/14

Аҳәса арбаӷьқәа дрыцқьоит, ирбылуеит, ажәразы иақәдыргылоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аныҳә чыс ҳәа ихарҟьаны аҟаҵара иаԥсам, иахәҭоу акәымзар.

Аныҳә чыс ҳәа ихарҟьаны аҟаҵара иаԥсам, иахәҭоу акәымзар. - Sputnik Аҧсны
6/14

Аныҳә чыс ҳәа ихарҟьаны аҟаҵара иаԥсам, иахәҭоу акәымзар.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҩны иатәу аҳәса аҳампалқәа ҟарҵоит.

Аҩны иатәу аҳәса аҳампалқәа ҟарҵоит. - Sputnik Аҧсны
7/14

Аҩны иатәу аҳәса аҳампалқәа ҟарҵоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Амажәа ашә агәыларҵоит

Амажәа ашә агәыларҵоит - Sputnik Аҧсны
8/14

Амажәа ашә агәыларҵоит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҵарауаа Ажьырныҳәа ҩ-нызқь шықәса ахыҵуеит ҳәа азгәарҭоит.

Аҵарауаа Ажьырныҳәа ҩ-нызқь шықәса ахыҵуеит ҳәа азгәарҭоит. - Sputnik Аҧсны
9/14

Аҵарауаа Ажьырныҳәа ҩ-нызқь шықәса ахыҵуеит ҳәа азгәарҭоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Амцаҟны ақәаб дуқәа рыла аныҳәазы иршьыз акәац ржәуеит, абысҭа руеит.

Амцаҟны ақәаб дуқәа рыла аныҳәазы иршьыз акәац ржәуеит, абысҭа руеит. - Sputnik Аҧсны
10/14

Амцаҟны ақәаб дуқәа рыла аныҳәазы иршьыз акәац ржәуеит, абысҭа руеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Араса ҵәы иахарҵоит аҭаацәара зыхныҳәо агәы-агәаҵәа.

Араса ҵәы иахарҵоит аҭаацәара зыхныҳәо агәы-агәаҵәа. - Sputnik Аҧсны
11/14

Араса ҵәы иахарҵоит аҭаацәара зыхныҳәо агәы-агәаҵәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҭаацәа зыхныҳәо агәи-агәаҵәеи аҳампалқәеи.

Аҭаацәа зыхныҳәо агәи-агәаҵәеи аҳампалқәеи. - Sputnik Аҧсны
12/14

Аҭаацәа зыхныҳәо агәи-агәаҵәеи аҳампалқәеи.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ажьира иаҵагылоит аҭаацәа зегьы, ажьира амаа зку аныҳәаҩ "алԥха -агәыԥха" ҳамазааит ҳәа дныҳәоит.

Ажьира иаҵагылоит аҭаацәа зегьы, ажьира амаа зку аныҳәаҩ "алԥха -агәыԥха" ҳамазааит ҳәа дныҳәоит. - Sputnik Аҧсны
13/14

Ажьира иаҵагылоит аҭаацәа зегьы, ажьира амаа зку аныҳәаҩ "алԥха -агәыԥха" ҳамазааит ҳәа дныҳәоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ажьира иаҵагыло зегьы рыхьӡала ацәашьқәа адыркуеит.

Ажьира иаҵагыло зегьы рыхьӡала ацәашьқәа адыркуеит. - Sputnik Аҧсны
14/14

Ажьира иаҵагыло зегьы рыхьӡала ацәашьқәа адыркуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0