Аԥсны

Адгәыр Агрба Урыстәыла Апрокуратура хада 300 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа далахәын

Урыстәыла Апрокуратура хада - адунеи аҿы реиҳа зхыҵуа апрокурортә маҵзурақәа ируакуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба зхадараҿы дыҟоу аделегациа алахәын Урыстәыла апрокуратура аԥырҵеижьҭеи 300 шықәса аҵра иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Аԥсны
Аԥсны Апрокурор хадеи урыстәылатәи иколлегеи еиԥылараны иҟоуп Москва
Аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла апрокурор хада Игорь Краснов аҳәаанырцәтә делегациақәа дырԥылеит.
Жәларбжьаратәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара аҵакы ӷәӷәа шрымоу азгәаҭо, иара иазгәеиҭеит иахьазы 70 ҳәынҭқарра инареиҳаны рыпрокурортә усбарҭақәеи дареи аиқәшаҳаҭрақәа шрыбжьоу, урҭ рахьтә ҩганктәи апрограммақәагьы ахьрыбжьоу шыҟоу.
1 / 2

Адгәыр Агрба Урыстәыла Апрокуратура хада 300 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа далахәын

2 / 2

Адгәыр Агрба Урыстәыла Апрокуратура хада 300 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа далахәын

Краснов иҭабуп ҳәа реиҳәеит аусбарҭа аиубилеи иалахәхаразы иааз аҳәаанырцтә делегациақәа.
"Адунеи аҟны иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ шәахәамԥшкәа шәара Москваҟа шәахьааз ишьақәнарӷәӷәоит аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шҳабжьоу, апрокурортә еилазаараҟны апатуеиқәҵара шҳамоу", - иҳәеит Урыстәыла апрокурор хада.