Аԥсны

"Аԥсныавтомҩа" аҟны ирҳәеит амҩақәа аҵаа аҟалара ишазырхиоу

Ажьырныҳәа 15 шьыжьнаҵы "Аԥсныавтомҩа" аҟазацәа ареспубликатә мҩа хадаҟны асы ақәгара иалагеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Ареспубликатә мҩа хада ауадаҩрақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рыҟны аԥслымӡ карԥсеит аҵаақәа ҟалар ахархәаразы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит "Аԥсныавтомҩа" адиректор хада Михаи Логәуа.
"Иахьыуадаҩу аҭыԥқәа рыҟны заа аԥслымӡ шьҭаҳҵеит. Аҭагылазаашьа зеиԥшрахо азгәаҭаны аԥслымӡ ықәԥсахоит напыла, мамзаргьы асрыцқьага машьынала. Аҵаақәа ҟалаанӡа ари аус аҟаҵара ҵаҵгәыдоуп", - иҳәеит иара.
Аԥсны асы леит ажәырныҳәа 14 ауха. Уи иахҟьаны ауадаҩрақәа ыҟан Мысреи, Калдахәареи, Аҩада Ешыреи иахьрыҵанакуа амҩа хада аҟны. Асабша ашьыжь "Аԥсныавтомҩа" аусзуҩцәа амҩа хада аҟынтәи асы арыцқьара иалагеит. Аамҭақәак рнаҩс амашьынақәа рныҟәара шьақәыргылан.
Аԥсны
Аԥсны АҶА аусзуцәа амшцәгьа иахҟьаны русура рӷәӷәоуп
Уаанӡа Аԥсны АҶА ирҳәахьан амаҵзура аусзуҩцәа русура шырӷәӷәоу асоура иахҟьаны.