АҞӘА, ажьырныҳәа 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Аԥсныавтомҩа" ажьырныҳәа 15 шьыжьнаҵы ареспубликатә амҩа хада хҭыԥк рҟнытәи амҩа асы аныгара иалагеит, иҳәеит анаплакы адиректор хада Михаил Лагәуа.
Иара иазгәеиҭеит, ауадаҩрақәа шыҟаз Мысреи, Калдахәареи, Аҩада Ешыреи иахьрыҵанакуа амҩа хада аҟны. Логәуа иажәақәа рыла, арҭ аҭыԥқәа рыҟны аамҭаказ амашьаынақәа рныҟәара аанкылан, аха уажәшьҭа амҩа рыцқьаны амашьынақәа цартә иҟаҵоуп.
"Уажәазын "Аԥсныавтомҩа" аусзуҩцәа Гәдоуҭеи Аҟәеи Очамчыреи араионқәа рмҩаду хадақәа рыҟны амҩа асы аныгараз аусурақәа ирҿуп. Уаҟа иҟоуп иаҭаху атехника ҷыда. Ари аҩыза аҭагылазаашьаан атехника ҷыда иҳазхаша ҳамаӡам, аха ҳусуҩцәа ирылшо ала зегь ҟарҵоит", - иҳәеит Логәуа.
Иара убасгьы, Логәуа иҳәеит арҭ ах-раионк рыҟны амҩақәа ишақәнагацәҟьоу ишрыцқьам, убри аҟнытә ауааԥсыра рахь агәҽанызаара ҟаиҵеит ихымԥадатәиу уск азын акәымзар амҩа ианымларц.
Логәуа иазгәеиҭеит, амҩаду хада арыцқьараҿ ацхыраара шрырҭаз Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа.
Уаанӡа Аԥсны АҶА ирҳәахьан амаҵзура аусзуҩцәа русура шырӷәӷәоу асоура иахҟьаны.