Аԥсны

Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа уажәнатә Гагра аԥхын аԥсшьараз аҭыԥқәа ааныркыло иалагахьеит

Урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru еилнакааит иарбан хырхарҭоу атуристцәа заа иаҿарҵо аҭыԥқәа 2022 шықәса аԥхын аԥсшьараз.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 - Sputnik. 2022 шықәса аԥхын аԥсшьараз Гагра зегь реиҳа иалырхуа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа жәаба рыбжьара иҟоуп, ҳәа аҩуеит апортал Tvil.ru.
Иара убас, ари асиаҿы иҟоуп Ҟрым, Краснодартәии Ставропольтәии атәылаҿацәқәа, Лененградтәи, Твертәи, Калининградтәи аобластқәа, Ҭаҭарсҭан, Карелиа, Москватәи аобласт.
Аԥсны
Анацәа рхәыҷқәа рыманы аӡынтәи аԥсшьара ахьалырхуа ақалақьқәа ирылашәеит Аҟәа
Иазгәаҭоуп, аԥхын анхарҭаҭыԥқәа рҿаҵаразы адҵаалара еиҳа ирацәахеит ҳзҭалаз ашықәс ажьырныҳәамзазы 30% рыла иаҳхысыз ашықәс аасҭа.
Убри аан, Tvil.ru адыррақәа рыла, Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи рыҟны сынтәа 10% асасааирҭақәа рыхәқәа шьҭыҵит.
2022 шықәса аԥхын аԥсшьараз зегь реиҳа иалырхуа жәахырхарҭак:

Ақалақь

Бжьаратәла уахыки-ҽнактәи ахәԥса

 Бжьаратәла шаҟа мшы ааныркыло

Феодосиа

3151 мааҭ

11 у-ҽ

Севастополь

3456 мааҭ

9 у-ҽ

Санкт-Петербург

3314 мааҭ

6 у-ҽ

Кабардинка

3391 мааҭ

10 у-ҽ

Гагра

3531 мааҭ

9 у-ҽ

Кисловодск

1819 мааҭ

10 у-ҽ

Москва

3249 мааҭ

4 у-ҽ

Калининград

2800 мааҭ

5 у-ҽ

Казань

2400 мааҭ

8,5 у-ҽ

Петрозаводск

4200 мааҭ

3 у-ҽ

Бжьаратәла аԥсшьарамшқәа 8% илаҟәит. Ажьырныҳәамза 2022 шықәсазы атуристцәа бжьаратәла аамш анхарҭаҭыԥқәа аҿарҵуеит.