"Сгәаанагарала ҵыԥхтәи ҳхықәкқәа зегьы наҳагӡеит. Ашықәс иҭагӡаны иҳалшеит 11 миллион мааҭ инареиҳаны аизгара. Ацхыраара раҳҭеит 56 -ҩык згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа, урҭ ирхысит 72 амедициантә курсқәа еиуеиԥшым ахәшәтәырҭақәа рыҟны Урыстәыла, Ермантәыла, убасгьы Аԥсны", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, иҳаҩсыз ашықәс азы афонд ацхырааҩцәа ҿыцқәа шаиуз. Убасгьы Мактина Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит, 160 миллион мааҭ иаԥсаз ахәшә ала ахәыҷы ацхыраара иҭара шалыршахаз атәы.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.