Аԥсны

Аҟәа агәҭа иахьаҵанакуа ҩсааҭк алашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит

Аԥсны алашара аамҭа-аамҭала идырцәоит афымцацәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәара иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Астанциа маҷ "ИЭПиТ" зҵоу ақәыӷәӷәара ду иахҟьаны аҳҭнықалақь агәаҿы аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагоит, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Алашара дырцәалоит анаҩс иаагоу аихшанҵа инақәыршәаны:
18:00 - 20:00 - ақалақь агәи уи иазааигәоу амҩадуқәеи;
20:00 - 22:00 - Имам Шамили Чачбеи рымҩадуқәа;
22:00 - 00:00 - асассирҭа "Интер-Сухум" уи аигәа иҟоу амҩадуқәеи.
Асабша, астанциа маҷ "Баслаҭа" зҵоу ақәыӷәӷәара аизҳара иахҟьаны аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагеит Аҟәа ахәҭаки Аҟәа араиони аҟны.
Уаанӡа, ажьарныҳәа 12 инаркы аԥкрақәа алагалан асҭанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны.
Ԥхынҷкәын 21 инаркны Аԥсны аиҳарак Урыстәылантәи афымцалашара аиуеит. Аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик аԥыхын уинахыс, ақәыӷәӷәарақәа анырацәахо идырцәалар анакәыз ахҭысқәа аламҵакәа.