Тоннала аӡымҭҟьар леины Џьубга-Шәача афедералтә мҩа ианаҳалеит

Шәача афедералтә мҩаду ианаҳалаз аӡымҭҟьар арыцқьаразы 5-ак атехника аус ауан.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Тоннала анышәи аҵлақәеи албганы Џьубга-Шәача амҩаду ианаҳалеит аӡымҭҟьар рҩаш алеира иахҟьаны ажьырныҳәа 15 азы, ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
"Амҩатә усбарҭа "Амшынеиқәа" адыррақәа рыла, афедералтә мҩаду 138 километр аҟны аӡымҭҟьар леит, уи иахҟьаны амҩа ианаҳалеит тоннала аҳәынҵәеи иҵжәаз аҵлақәеи. Ари аҭыԥ аҟны амашьынақәа рныҟәара аанырымкылаӡеит, аха иԥкуп", - ҳәа аанацҳауеит арелиз аҟны.
Уаанӡа Ҟәыбантәи АҶА ирыларҳәахьан ажьырныҳәа 16 аҟынӡа ашьхара иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рыҟны асы ӷәӷәаны алеира иахьаны асыԥса леир ҟалоит ҳәа.